Аԥыза-министр Афинансқәа рминистрра „қол-центрқәа“ русура аҭҵаара амзызла, аусеилыргаратә маҵзура аҽалархәрала, аусуратә гәыҧ аиҿкаара адиҵеит
Ҳаҭыр зқәу Лаша Хуцишвили сиҳәар сҭахуп аусеилыргаратә маҵзура аҽалархәрала аусуратә гәыҧ еиҿыркаарц, атәылаҿы „қол-центрқәа” русушьа ҭызҵааша егьырҭ аусбарҭақәагьы шәхәы иашәырхәа. Апрокуратура жәаҩыла ауааҧсыра рзы аусеилыргара иалагахьеит, алҵшәақәагьы убарҭоуп, аха, уезгьы, ари азҵаара ахы инаркны аҵыхәанӡа аҭыҧ иқәҵатәуп, аспекулиациатә кампаниақәа рҵыхәа ҧҵәатәуп. Атәылаҿы еиуеиҧшым „қол-центрқәа” иҟоуп, ҳара уи ҳаҿагылоом, аха, дара русура азакәан аҳәаақәа ирҭыҵуазар, ҳәарада, уи ақәҿыҭра аҭатәуп. Сара аконкреттә ажәлақәа сҳәар сҭахым, ишыздыруа ала, ари аус ҧасатәи аиҳабыра алахәылацәа алахәып. Аусеилыргаҩцәа ари иазкны аинформациа рымоуп, ишыжәдыруа ала, апрокуратура жәаҩыла ауааҧсыра рзы аусеилыргара иалагеит,”- иҳәеит аҧыза-министр иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәара аҿы.
Иракли Ӷарибашвили ишааицҳаз, апрокурорцәа ари иазкны аинформациа рымоуп, апрокуратура жәаҩыла ауааҧсыра рзы аусеилыргара иалагеит.