Аԥыза-министр аԥшыхәратә маҵӡура аусуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит
Аԥыза-министр аԥшыхәратә маҵӡура аусуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракили Ӷарибашвили аԥшыхәратә маҵзура аусуҩцәа рзанааҭтә амш рыдиныҳәалеит.

Аԥыза-министр “Феисбук” ианылаз аҳәамҭаҿ ишазгәуеиҭаз, аԥшыхәратә маҵзура атәылақәа ршәарҭадаратә система ихадоу елементуп.

„Қырҭтәыла аԥшыхәратә маҵзура аусуҩцәа рзанааҭтә амш рыдысныҳәалоит! Аԥшыхәратә маҵзура атәылақәа ршәарҭадаратә система ихадоу елементуп. Иахьа, агеополитиуатә ҭагылазаашьа афон аҿы, шәинститут ароль иаҳа идууп. Қырҭтәыла аԥшыхәратә маҵзура ӷәӷәа амазароуп. Аинституциатә аҿиареи ақәҿиарақәеи ишәзеиӷьасшьоит!“ – иҩит аԥыза-министр.