Аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Британиа Ду Аҧшыхәратә маҵзура аҧҳәыс дахагылоит - Блеиз Метревели жьҭаара инаркны аофициалла лыҧхықәрақәа рынагӡара далагоит
Аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, Британиа Ду Аҧшыхәратә маҵзура аҧҳәыс дахагылоит. Шьҭрала ақырҭуа Блеиз Метревели жьҭаара инаркны аофициалла лыҧхықәрақәа рынагӡара далагоит.
Британиа Ду аҧыза-министр Кир Стармер ишиҳәаз ала, уи аҭоурыхтә аӡбароуп. Иара ишазгәеиҭаз ала, Блеиз Метревели ари амаҵзураҭыҧ аанылкылоит Британиа ашәарҭара ҷада ианҭагыло аамҭазы.
Метревели Аҧшыхәратә маҵзураҿы аус луеит 1999 шықәса инаркны. Уажәы аус ахьылуа адепартамент иауалуп маӡалатәи агентцәа рыхьӡқәа рымаӡа ахьчареи аҕа иҽацәыхьчаразы амҩа ҿыцқәа рыҧшаареи.
Аҭыжьымҭа Financial Times аҿы иануп Блеиз Метревели ақырҭуа жәла шлымоу.