Аҭыжьымҭа fDi Magazine аҿы Қырҭтәыла атуризм аҿиара иазку астатиа икьыԥхьын
Қырҭтәыла ақәҵатә атуризм аҿиаразы ҟанаҵоит, – абри еиԥш ахьӡ змоу астатиа икьыԥхьын Financial Times иатәу ажурнал fDi Magazine аҿы.
Аҭыжьымҭа аԥхьаҩцәа Қырҭтәыла аекономика иазку аинформациа ҭбаа рыднагалоит, ахҳәааҿ аҭыԥ хада атуризм ааннакылоит.
“Қырҭтәыла тәыла хәыҷуп, аха Иунеско адунеитә ҵакы змоу аҭынхеи, Амшын Еиқәа агаҿеи, иссиру Кавказтәи ашьхақәеи, аԥсабареи, аанызқ зықәса зхыҵуа аҩы аҟаҵара атрадициеи ибеиоу акулинариеи рыла идыруп,” – иҩуеит адурналист. Иара иажәақәа рыла, 2009 шықәса инаркны 2012 шықәсанӡа Қырҭтәыла атуристцәа рхыԥхьаӡара 200% рыла иазҳан, 1.5 миллион рҟынтә 4ю4 миллион иаҟарахеит. 2019 шықәсазы аныҟәаҩцәа рхыԥхьаӡара ҩынтә иазҳан, 9.3 миллион иаҟарахеит.