Аҭаацәара рыӡбарала, Гурам Дочанашвили Сабурҭалотәи анышәынҭраҿ анышә дарҭоит
Аҭаацәара рыӡбарала, ҳаамҭазтәи ақырҭуа классик, ашәҟәыҩҩы Гурам Дочанашвили Сабурҭалотәи анышәынҭраҿ анышә дарҭоит. Ари атәы Актәи аканал ахь Қырҭтәи ахадара аҟынтә аарыцҳаит.
82 шықәса дшырҭагылаз Гурам Дочанашвили мшаԥы3 рзы иԥсҭазаара далҵит. Гурам Дочанашвили иаԥҵамҭақәа иреиуоуп ашедеврқәа “Самосели пирвели”, “Алитература бзиа збоз ахаҵа”, “Ватер(по)ло” ма аиҭашьақәыргыларатә усурақәа”.
Алитература аҿиара аус аҿы алагала ду азы Гурам Дочанашвили алитературатә премиа “Саба”, иара убас “Важа Ԥшавела ихьӡ зху апремиа ианашьан. 2020 шықәсазы Гурам Дочанашвили Қарҭ пату зқәу атәылауаҩ ититул ианашьан.
Гурам Дочанашвили итәылауаҩратә панихида Самеба акафедралтә ныхабааҿы мҩаԥысуеит. Ашәҟәыҩҩы анышә дарҭоит мшаԥы 6 рзы.