Аҭыжьымҭа Travelbook имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, Қарҭ зегьы реиҳа иҧшӡоу европатәи аҳҭнықалақьқәа иреиуп
Аҭыжьымҭа Travelbook имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа рылҵшәақәа рыла, Қарҭ зегьы реиҳа иҧшӡоу 14 европатәи аҳҭнықалақьқәа иреиуп.
Travelbook асоциалтә аҳақәа Facebook-и Instagram-и рҿы 200 000ҩык раҟара иразҵааит иарбан европатәи аҳҭнықалақьу ицар иахьырҭаху.
Travelbook аҭҵаарақәа рылахәылацәа абарҭ аҳҭнықалақьқәа алырхит: Қарҭ, Рим, Вена, Лиссабон, Париж, Прага, Стокгольм, Копенгаген, Лондон, Амстердам, Таллин, Валлетта, Мадрид, Афины.