Аҭаацәаратә ацқьареи аҭаацәа пату рықәҵареи амш инамаданы, Қарҭи ақалақь дуқәеи рҿы ныҟәара мҩаԥгахоит
Аҭаацәаратә ацқьареи аҭаацәа пату рықәҵареи амш инамаданы, Қарҭи ақалақь дуқәеи рҿы ныҟәара мҩаԥгахоит

Аҭаацәаратә ацқьареи аҭаацәа пату рықәҵареи амш инамаданы, Қарҭи ақалақь дуқәеи рҿы ныҟәара мҩаԥгахоит.

Қырҭтәыла апатриархи аинформациа ала, асааҭ 12:00 рзы адоуҳаныҟәгаҩцәеи ауахәама
аҭааҩцәеи Гьаргь ацқьа ихьӡ зху Қашуеҭтәи аныхабаа аҿы еизоит, уа апатриарх ишьҭрамдаҩ Шио (Муџьири) апараклис хәыҷы мҩаԥигоит, уи ашьҭахь Самеба аныхабаа ашҟа идәықәлоит.

Аҭаацәаратә ацқьареи аҭаацәа пату рықәҵареи амш инамаданы аныҟәара Мцхеҭаҿгьы мҩаԥгахоит.

Иара убас аныҟәарақәа Баҭыми Қәҭешьи, Русҭави рҟныгь мҩаԥысқуеит. Русҭави аҟынтә аныҟәаҩцәа Қарҭ имҩаԥысуа ауснагӡатә хада рхы аладырхәоит.