Аҭаацәара ацқьареи ани аби пату рықәҵареи амш - Қашуеҭинтә Самебанӡа аныҟәара
Лаҵара 17 рзы Қырҭтәыла Аҭаацәара ацқьареи ани аби пату рықәҵареи амш иазгәарҭоит.
Иахьа Қарҭ Қашуеҭи аныхабаа аҟынтәи Самеба аныхабаа аҟынӡа аныҟәара мҩаҧган.
Қашвеҭи аныхабааҿ еизаз ауаа дрызнеит Апатриар ишьҭрамҭаҩ, амитрополит Шио.
Аныҟәара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии, Қарҭ ахада Каха Калаӡеи, атәыла анапхгара егьырҭ ахаҭарнакцәеи.
Аҭаацәара ацқьара амш инамадын аныҟәарақәа мҩаҧган егьырҭ ақалақьқәеи арегионәқеи ргьы.