76 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит абокс алегенда Џьорџь Форман
76 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит абокс алегенда Џьорџь Форман

76 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит акапан хьанҭаҿ абокс алегенда Џьорџь Форман.

Форман 1949 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы Техас диит. 1968 шықәсазы имҩаԥгаз аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ахьтәы медаль иоуит. 70-тәи ашықәсқәа раан уи акапан хьанҭаҿ адунеи ачемпион ититул ианашьаню

1974 шықәса жьҭаара 30 рзы 20-тәи ашәышықәсазы зегь реиҳа идыру аицламра имҩаԥган – Формани Моҳамед Алии еиԥылеит. Усҟан Форман раԥхьаӡа даҵахеит.  Ари ақәԥара “Аџьынгли аҟын адыди амацәыси” ҳәа ахьӡ арҭеит.

1977 шықәсазы аспортсмен икариера хиркәшан, ақьырсиан доуҳаныҟәгаҩс дҟалеит. 1987 шықәсазы уи аринг ашҟа дхынҳәын, 1994 шықәсазы, 45 шықәса дшырҭагылаз, 26 шықәса зхыҵуаз ачемпион Маикл Миурер даҵирхеит.

Акариера ихиркәшеит 1997 шықәсазы. Аринг аҿы уи 81 қәԥара мҩаԥигеит, аиааира игеит 76 ақәԥарақәа рҿы (68 анокаут ала), хәынтә мацара даҵахеит.