244 анхарҭатә пунктқәа аҧсабаратә газла реиқәыршәара амзызла имҩаҧысуа аусурақәа рыхәҧса азҳауеит
244 анхарҭатә пунктқәа аҧсабаратә газла реиқәыршәара амзызла имҩаҧысуа аусурақәа рыхәҧса азҳауеит

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбарала, аҧсабаратә газла аиқәыршәара амзызла имҩаҧысуа апроекти аргыларатә усурақәеи рыхәҧса аздырҳауеит. Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ақәҵара инапы аҵаиҩхьеит.

Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, 2022-2024 шықәсқәа рзы „Қырҭтәыла агаз амҩангаратә еилахәыра” атәыла зехьынџьара 244 анхарҭатә пунктқәа ирықәынхо 39 698 абонентцәа аҧсабаратә газла еиқәнаршәароуп, хышықәсатәи аплан инақәыршәаны имҩаҧыргараны иҟоу апроекттәи аргыларатәи усурақәа ирзоушьҭуп 135 272 350 лари.

Ақәҵара инақәыршәаны, Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрреи Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрреи иаҭаху аресурсқәа рыҧшаареи 2022-2024 шықәсқәа рзы иаҭаху аҧара азоушьҭреи еиқәдыршәоит, иара убас, агазла аиқәыршәара апроекттәи аргылааратә усурақәа аҧара рзоурышьҭуеит 2023 шықәсатәи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәгьы.

2020 шықәса жьҭаара 29 рзы Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз „Қырҭтәыла аауааҧсыра аҧсабаратә газла реиқәыршәара ацхрааразы 2022-2024 шықәсқәа рзы имҩаҧгатәу ауснагӡатәқәа ирызку” ақәҵара аҧсахрақәа алагалоуп.