2026 шықәсатәи абиуџьет инақәыршәаны, 70 шықәса ма еиҳаны изхыҵуа ахаҿқәа ртәанчахәы 495 лари иаҟарахоит, 70 шықәса зхымҵыц ртәанчахәы - 370 лари
Афинансқәа рминистрра аус адызулаз 2026 шықәсатәи абиуџьет апроект аҿы агәабзиарахьчаратәи асоциалтәи программақәа рфинансркра 800,0 млн лари еиҳауп. Ари аҳәаақәа ирҭагӡаны 2026 шықәса рзы атәанчахәы азҳара иазыԥхьагәаҭоуп.
2026 шықәсатәи абиуџьет апроект инақәыршәаны, 70 шықәса ма еиҳаны изхыҵуа ахаҿқәа ртәанчахәы 45 лари иацҵахоит – 415 лари иаҟарахоит, ашьхаҿ – 594 лари, 70 шықәса зхымҵыц ртәанчахәы 20 лари иацҵахоит – 370 лари иаҟарахоит, ашьхаҿ – 444 лари иаҟарахоит.