Атуризм амилаҭтә администрациа ажьырныҳәа-хәажәкыра мзқәа раантәи ахашәала иазку адыррақәа аланарҵәеит.
2023 шықәса актәи аквартал аҿы Қырҭтәыла жәларбжьаратә аныҟәарақәа рҟынтә ахашәала 107.6% рыла еиҳахеит, ари 795 миллион адоллар иаҟароуп.
2023 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рҟынтә ахашәала 2019 шықәсатәи арбага аҵкьыс 37.5% рыла еиҳауп.
Зегь реиҳа идуӡӡоу азҳара иубарҭоуп Евроеидгыла иалоу атәылақә рҟынтә – 64,7%, Ҭырқәтәылантә – 136.1%, 73,2% – Израиль аҟынтә.