2022 шықәсазы атәыла ахада илыдҵаалаз 3265ҩык Урыстәыла атәылауаа рҟынтәи Қырҭтәыла атәылауаҩра роуит 728ҩык
Аиустициа аминистрра иаҵанакәа Аҳәынҭқарратә маҵзура аҿиаразы агентра аилыркаарақәа ҟанаҵеит Қырҭтәыла атәылауаҩра заур зҭаху ауааҧсыра рзы иазҧхьагәаҭоу апроцедурақәа ирызкны.
«Қырҭтәыла ахада, азинҷыдала ауаҩҧсы Қырҭтәыла атәылауаҩра ианалшьарц азыҳәан, зыӡбахәы ҳәоу ауаҩҧсы Қырҭтәыла иалҵыз дреиуазароуп, азакәан ала иазҧхьагәаҭоу егьырҭ аҳәарақәа дрышьашәалазароуп. Лымкаала, Қырҭтәыла атәылауаҩра роур рылшоит Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра ма ахҵәацәа, иара убас, еиуеиҧшым аамҭазы аполитикатә хәаҧшырақәа ма асоциал-економикатә ҭагылазаашьа амшала атәыла иқәҵыз, уажәазы даҽа тәылак иатәылауаҩу, аха, аҧсадгьыл аҟны аимадара аиҭашьақәыргылара зҭаху ауааҧсыра.
2022 шықәсазы, азинҷыдала атәылауаҩра аиуразы арзаҳалқәа аларҵеит 3265ҩык Урыстәыла атәылауаа. Урҭ рҟынтәи атәыла ахада Қырҭтәыла атәылауаҩра раналшьеит 728ҩык мацара, урҭ рызынтәгьы Қырҭтәыла иалҵит, азакәан ала ишьақәыргылоу аҳәарақәа ирышьашәалоуп, Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә бызшәеи, аҭоурыхи, ахадаратә закәанқәеи рдыруеит», — иануп Аҳәынҭқарратә маҵзура аҿиаразы агентра аинформациаҿы.