2020 шықәсазы ауаҩы ихақәиҭра аиндекс   Cato Institute алҵшәақәа  инақәыршәаны,  Кавкази Ацентртә Азиеи рҟны Қырҭтәыла аҧхьагылара амоуп  
2020 шықәсазы ауаҩы ихақәиҭра аиндекс   Cato Institute алҵшәақәа  инақәыршәаны,  Кавкази Ацентртә Азиеи рҟны Қырҭтәыла аҧхьагылара амоуп  

 

Вашингтонтәи аҭҵааратә институт Cato Institute аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла, ауаҩы ихақәиҭра аиндекс аҿы 7.87 абалл анашьоуп, Шәамахьтәыла ауаҩы ихақәиҭра  аиндекс  аҿы  7,69 абалл ииуит, Азербаиџьан  — 6,29.

Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла, ауаҩы ихақәиҭра аиндекс ала,  162 ҳәынҭқарра рыбжьара  40-тәи аҭыҧ ааннакылоит.

Ауаҩы ихақәиҭра аиндекс аҿы амаксималтә балл  — 10.

Ауаҩы ихақәиҭра аиндекс аҿы иреиҳаӡоу абаллқәа роуит: Зеландиа Ҿыци (8,87), Швеицариеи  (8,82)  Гонконги  (8,74).  Иара убас,  иреиҕьу алҵшәақәа зауз  10 ҳәынҭқаррак иреиуп Даниеи, Австралиеи, Канадеи, Ирландиеи, Естониеи, Германтәылеи, Швециеи.

Зегьы иреицәоу алҵшәақәа рымоуп Венесуелеи  (4,08), Судани  (4,01)  Сириеи (3,97).