Леван Жоржолиани- Америка Аҳәынҭқарратә департамент  аделегациа алахәылацәа рҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла аиҳабыра аимадаратәи функциа арҕәҕәаразы иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрыхцәажәеит
Леван Жоржолиани- Америка Аҳәынҭқарратә департамент  аделегациа алахәылацәа рҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла аиҳабыра аимадаратәи функциа арҕәҕәаразы иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрыхцәажәеит

Америка Аҳәынҭқарратә департамент  аделегациа алахәылацәа рҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла аиҳабыра аимадаратәи функциа арҕәҕәаразы иҟанаҵаз ашьаҿақәа ҳрыхцәажәеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани Актәи аканал адырраҭара “Абизнес партниор” аҿы.

“Аиԥылараҿ ҳрегион аҿы иҟоу Трамп имаршрут ҳшазныҟәо ҳалацәажәеит. Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара аганахьала Трамп иадминистрациа рҽазышәара иамоу аҵакы. Иара убас, Шәамахьтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа рҭыҧқәҵара апроцессаҿ Қырҭтәыла инанагӡо ароль ахәшьара бзиа аҭан”, – иҳәеит Жоржолиани.

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани иажәақәа рыла Америка Аҳәынҭқарратә департамент абжьагаҩ хада, аделегациа анапхгаҩы ақырҭуа ҳазалхра аусзура ахәшьара бзиа аиҭеит.