19 алхратә субиектқәа Ацентртә алхратә комиссиа апартиатә сиақәа адыргалеит
19 алхратә субиектқәа Ацентртә алхратә комиссиа апартиатә сиақәа адыргалеит

Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа рҽалархәразы апартиатә сиақәа рцәыргара аҿҳәара цәыббра 26 рзы нҵәеит.

19 алхратә субиектқәа Ацентртә алхратә комиссиа апартиатә сиақәа адыргалеит. Арҭ асубиектқәа роуп: „Қырҭтәыла“; „Гахариа Қырҭтәылазы“; „Иаку ҳ-Қырҭтәыла“; Қырҭтәыла алеибористтә партиа; Қырҭтәыла асоциал-демократиатә партиа; „Армаратәи алианс“; Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла; Трибуна; „Иԥсах Қырҭтәыла“; „Ҳара“; Ақырҭуаа ракзаара; „Қырҭтәыла акзаареи аҿиареи рпартиа“; Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла; “Гирчи”; „Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс“; Қырҭтәыла ӷәӷәа – Лело, Ажәлар рзы, ахақәиҭразы; „Акзаара  – Амилаҭтә ҵысра“; „Акоалициа аԥсахрақәа рзы – Гварамиа Мелиа Гирчи Дроа“; „Европатәи адемократцәа“.