Аоппозициатә партиақәа рактивистцәа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет актәи акорпус аҟынтә Илиауни аша иасит
Аоппозициатә партиақәа рактивистцәа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет актәи акорпус аҟынтә Илиауни аша иасит.
Акциа алахылацәа амашьынақәа аиҭаҵраҿ ирԥырхагон.
Уажәы акциа алахәылацәа Илиауни аҟынтә еиҭа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашҟа ихынҳәуеит.
Адырра: Қарҭтәи аҳәныҭқарратә университет аԥхьа астудентцәа акциа мҩаԥыргон. Акциа алахәылацәа ауниверситет аҩналара рҭахуп, аха уа еизаз азакәанхьчаҩцәа ари азин рырымҭеит. Аҭыԥаҿы аҭыԥ аман аибарххара. Астудентцәа ракциа рхы аладырхәоит агәыԥ “Даитове” имҩаԥнагаз аныҟәара алахәылацәа, урҭ Ауниверситет ахь Ареспублика ашҭантә дәықәлеит.