Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа мҩаԥысит. Қырҭтәыла аҵакыраҿ асааҭ 20:00 рзы алхырҭақәа аусзура иақәыҵит.
Жьҭааа 26 рзы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 3 508 294-ҩык иаҟароуп.
Жьҭаара 26 рзы имҩаԥысуа алхрақәа рхы аладырхәоит 18 алхратә субиектқәа:
№3 – «Қырҭтәыла акзаареи аҿиареи рпартиа» – ахантәаҩы Қамал Мурадханов; № 4 – «Акзаара ҿыц – Гварамиеи Мелиеи» – ахантәаҩы Никанор Мелиа, аицхантәаҩы Ника Гварамиа; №5 – «Иаку амилаҭтә ҵысра» – ахантәаҩы Ҭинаҭин Бокучава; №6 – «Қырҭтәыла Европатәи адемократцәа» – ахантәаҩы Паата Давиҭаиа; №8 – «Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс» – ахантәаҩы Давид Ҭархан-Моурави; №9 – «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело, ажәлар, ахақәиҭра рзы» – ахантәаҩы Мамука Хазараӡе; № 10 – «Қырҭтәыла алеибористтә партиа» – ахантәаҩы Шьалуа Наҭелашвили; № 12 – «Иаку ҳ-Қырҭтәыла» – ахантәаҩы Исаки Гиоргаӡе; № 16 – «Иԥсах Қырҭтәыла»- ахантәаҩы Гьаргь Гагниӡе; № 17 – «Қырҭтәыла»- ахантәаҩы Гьаргь Лилуашвили; »; № 20 – «Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла» – ахантәаҩы Каха Кукава; № 21 – «Атрибуна» – ахантәаҩы Давид Ҷиҷинаӡе; № 23 – «Ҳара» ахантәаҩы Давид Қацарава; № 25 – «Гахариа Қырҭтәылазы» – ахантәаҩы Гьаргь Гахариа; № 26 – «Армаратәи алианс» – ахантәаҩы Константин Гугушвили; № 27 – «Ақырҭуаа ракзаара»- ахантәаҩы Наиоз Мамалаӡе; № 36 – «Гирчи» – ахантәаҩы Иаго Хвичиа; № 41 – «Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла» – ахантәаҩы Иракли Ӷарибашвили.
Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа раԥҳьаӡа акәны аелектронтә технологиақәа рхархәарала мҩаԥган. Атехнологиа ҿыцқәа абжьы рыҭара рылшеит алхыҩцәа 90%. Атрадициатә ҵасла – 10%.
Ацентртә алхратә комиссиа аинформациала, аелектронтә технологиақәа рыла алхрақәа рҿы абжьыҭира рылшеит 3 113 747-ҩык алхыҩцәа.
Қырҭтәыла аҵакыраҿ иаартын 3044 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 12 апенитенциартә цсҳәарҭақәа рҿы, акы – аԥсиахиатриатә гәабзиара ацентр аҿы.
Аиагаратә аидчаԥалақәа рыла абжьыҭира рылшеит 64 238-ҩык алхыҩцәа.
Ацентртә алхратә комиссиа аинформациала, сынтәа раԥхьаӡа акәны алхрақәа рҿы абжьыҭира рылшеит 135 922-ҩык ақәыԥшцәа.
Аҳәаанырцә алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 95 910-ҩык иаҟароуп, еиуеиԥшым 42 тәылақәа 53 қалақьқәа рҿы аартуп 67 алхырҭақәа.
150 ҭыԥ змоу апарламент алалара рылшоит хәпроценттәи абариер ахыԥара зылшо апартиақәа.
Алхрақәа рылҵшәақәа хара имгакуа, абжьқәа рыԥхьаӡара ашьҭахь еилкаахоит.