Мшаԥы 19-тәи аиқәшаҳаҭра атәым политикатә абжьаҟазаҩцәа, Европатәи аӡбарҭа аҳәамҭа еиԥшымкәа, ацәгьоура шьаҭас измаз амчылара акәым, “аполитика шьаҭас измаз аиашаӡбара” иахцәажәон, уи ала рныррақәа рышьаҭала, аполитикатә дискуссиақәа мҩаԥыргон, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
“Иацы, Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа “Цаавеи егьырҭи Қырҭтәыла иаҿагыланы” аус азы аднакылаз аӡбара инақәыршәаны, 2019 шықәса лаҵара 20 рзы аҭыԥ аман Қырҭтәыла апарламент аштурм. Европатәи аӡбарҭа ишаанарԥшыз ала, амчыларатә акциа иаҿагыланы, аполициа амчи ахархәага ҷыдақәқеи рхархәара зин амоуп.
Аха, мшаԥы 19-тәи аиқәшаҳаҭра атәым политикатә абжьаҟазаҩцәа, Европатәи аӡбарҭа аҳәамҭа еиԥшымкәа, ацәгьоура шьаҭас измаз амчылара акәым, “аполитика шьаҭас измаз аиашаӡбара” иахцәажәон, уи ала рныррақәа рышьаҭала, аполитикатә дискуссиайқәа мҩаԥыргон.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы урҭ даҽазнык Қырҭтәыла апарламент иақәлеит. 2019 шықәсазы аҭыԥ змазагха еиҭаҟаҵан – џьоукы амчылара “аҭынч” акциа ауп ҳәа ирҳәон, аполициа илегитиму ахымҩаԥгашьа иақәыӡбон”, -иҳәеит Папуашвили.