Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа рмилаҭтә парламентқәа рыдәныҟатәи комитетқәа рхантәаҩцәа ирыдыркылаз адокумент аҿы Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апроцесси атерриториатә акзаареи рыдгылара даҽазнык аарԥшуп
Евроеидгыла иалоу 27 тәылақәа рмилаҭтә парламентқәа рыдәныҟатәи комитетқәа рхантәаҩцәа (COSAC) аформат аҿы имҩаԥгаз 17-тәи ирыдыркылаз адокумент аҿы Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апроцесси атерриториатә акзаареи рыдгылара даҽазнык аарԥшуп.
Адокумент аҿы ишану ала, COSAC арҭбаара апроцесс иадгылоит, уи аҭынчреи, ашәарҭадареи, аҭышәынтәалареи мышхәбзазареи рзы агеостратегиатә инвестициа аҳасабла ихырҳагахоит.
COSAC Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи рхьыԥшымреи, рсуверенитети, ртерриториатә акзаареи ирыдгылоит, иара убас иазханаҵоит Украина урыстәылатәи агрессиа аҟынтә аҽацәыхьчара зин шамоу.
„COSAC шьақәнарӷәӷәоит 2023 шықәсазы Еврокомиссиа шьақәнарӷәӷәаз арҭбаара апакет аҿы иаарԥшу аҭагылазаашьақәа рынагӡара иашьашәаланы, Украинеи, Молдовеи Қырҭтәылеи Евроеидгыоа ашҟа ралалара апроцесс шадгыло. COSAC даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит Балкантәи атәылаәқа Евроеидгыла алалара шадгыло“, – иануп адокумент аҿы.