Иракли Ӷарибашвили - Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә мшуп. Ари аҭоурыхтә амш ахада Реџьеп Таип Ердоӷани аҭырқәа жәлары рыдысныҳәалар сҭахуп
Ари крызҵазкуа аҽны шәҿаԥхьа гәахәра аду ала сықәгылоит, иахьа Ҭырқәтәылатәи ареспублика амилаҭтә мшуп. Ари аҭоурыхтә амш ахада Реџьеп Таип Ердоӷани аҭырқәа жәлары рыдысныҳәалар сҭахуп, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыхзы-министр Иракли Ӷарибашвили Ҭырқәтәылатәи ареспублика 100 шықәсатәи аиубилеи инамаданы имҩаԥгаз аныҳәатә адкылараҿ данықәгылоз. Адкылараҿ аԥыза-министр иԥҳәыс Нунука Ҭамазашвили ицын.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, ахықәкқәеи аполитикеи ирыбзоураны, 100 шықәса ирылагӡаны Ҭырқәтәыла ихадоу аполитикатәи аекономикатәи хәмарҩыс шьақәгылеит.
„1923 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ареспублика ишьаҭаркижьҭеи 10 0шықәса ҵит. Ашьаҭакра амш инаркны ари атәылеи ажәлари ааԥхьарақәа рацәаӡаны рыман.100 шықәса ирылагӡаны Ҭырқәтәыла ихадоу аполитикатәи аекономикатәи хәмарҩыс шьақәгылеит. Аҭы́нчреи, аҭышәынтәалареи аҿиареи рыдгылара аус аҿы Ҭырқәтәыла ароль ахәшьара ду аҳҭоит”, – иҳәеит Иракли Ӷарибашвили.
Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, ахьыԥшымра аиҭашьақәыргылара амш инаркны, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи иуникалу аиҩызареи аиашьареи рыбжьоуп.
Ауснагӡатә асасцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ Али Қан Орбаи. Иара убас асасцәа рахь авидео ааԥхьара ҟаиҵеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан, инагӡан аҩтәылак ргимнқәа.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит анагӡаратәи азакәанԥҵаратә мчра рхаҭарнакцәеи адипломатиатә корпуси.