Иракли Ӷарибашвили Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан уаххьаҿы идикылеит
Иракли Ӷарибашвили Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан уаххьаҿы идикылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии иԥҳәыс Нунука Ҭамазашвилии аофициалтә визитла Қырҭтәыла иҟоу Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбани иҧҳәыс Анико Леваи уаххьаҿы рыдыркылеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра аҟынтә ишаарыцҳаз, Венгриа аԥыза-министри иԥҳәыси раҳаҭыр азы уаххьа “Биоли” аҿы мҩаԥган.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбани Қырҭтәылеи Венгриеи ирыбжьоу аиҩызареи апартниортә еизыҟазаашьақәеи иформалым аҭагылазаашьаҿ рыхцәажәеит.

Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан аофициалтә визитла Қырҭтәыла иахьа, жьҭаара 10 рзы даҭааит.