Михаил Дундуа – Акоррупциа аиндекс 2022 шықәсатәи арбага инақәыршәаны, Қырҭтәыла, аиндекс аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, иреиҕьу европатәи 20 ҳәынҭқарра иреиуп
Афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Михаил Дундуа иҳәамҭала, 2022 шықәсазы, акоррупциа аиндекс ала, Қырҭтәыла, Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ аҧхьагылара амоуп, насгьы, аиндекс аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны, иреиҕьу европатәи 20 ҳәынҭқарра иреиуп.
«Қырҭтәыла 4 ҭыҧк рыла ишьҭыҵит, ҳтәыла ахәшьара еиҕьхеит, 180 ҳәынҭқаррақәа рыгәҭа 41-тәи аҭыҧ ааннакылоит. Ҳтәыла Европа иреиҕьу агәыҧаҿ 20-тәи аҭыҧ ааннакылоит. Қырҭтәыла Амшын еиқәа арегиони, Кавкази, Абжьаратәи Азиеи рҿы актәи аҭыҧаҿ игылоуп», — иҳәеит Михаил Дундуа.
Иара иажәақәа рыла, «акоррупциатә шәарҭарақәа» рганахьала, ҽакала иуҳәозар, акоррупциатә шәарҭарақәа рыҟамзаара арбагала, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла, 197 адунеитә ҳәынҭқаррақәа рыгәҭа 33-тәи аҭыҧ ааннакылоит.
«Қырҭтәыла Евроеидгылеи НАТОи ирылахәы 14 ҳәынҭқаррақәа раҧхьа игылоуп. Кавкази Амшын еиқәа арегиони рҿы актәи аҭыҧаҿ ҳгылоуп, ҧасатәи асоветтә тәылақәа рҟынтәи Балтиатә атәылақәа мацароуп ҳаҧхьа игылоу. Ари ареитинг аҿы Қырҭтәыла, Евроеидгыла алаларазы акандидат-тәылақәа зегьы акырӡа ирҧысит», — иҳәеит Михаил Дундуа.