Давиҭ Залкалиани Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Карен Донфрид дылҧылеит
Давиҭ Залкалиани Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Карен Донфрид дылҧылеит

Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Давиҭ Залкалиани Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ  Карен Донфрид дылҧылеит.

Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла европатәи аперспективеи Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорраҿы зҵакы дуу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.

Давидҭ Залкалиани,  Қырҭтәыла  аиҳабыра 12 пунктқәа рыла ишьақәгылоу аплани амбициатә реформақәеи шынарыгӡо азгәаҭаны, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла европатәи евроатлантаикатәи ҽазышәарақәа рыдгыларазы.