Иахьа инаркны цәыббра 4-нӡа аҧкрақәак шьақәгылазаауеит
Иахьа инаркны цәыббра 4-нӡа аҧкрақәак шьақәгылазаауеит

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, нанҳәа 14 инаркны цәыббра 4-нӡа, хымчыбжь рыҩнуҵҟа  амч рымазаауеит абарҭ аҧкрақәа:
• амуниципалтә транспорт аусура ҧкызаауеит. Ақалақьбжьаратә транспорт абри аҧкра адкьыслом;

• иарбанзаалак афестивальқәеи, агәырҿыхаратә  уснагӡатәқәеи, аконцертқәеи, аспорттә аицлабрақәеи рымҩаҧгара ҟалом;

• ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа аусура азин рымам;

• акрыфаратә обиектқәа, ҵхыбжьон асааҭ  00:00 ацынхәрас, асааҭ  23:00-нӡа аусура азин рымоуп;

• аҳәынҭқарратә усбарҭақәа адҵа роуит русзуҩцәа, излауа ала, анахаралатә усуратә режим ашҟа ииаргарц, Акоординациатә хеилак абри аҩызаҵәҟьа абжьагара ҟанаҵоит хазхаҭалатәи аусураҭаҩцәа рзгьы.

Иара убас, авакцинациа апроцесс излауа ала арҭбаареи аманшәалара аизырҳареи амзызла, алаҵақәа рыҟаҵара апроцесс рхы аладырхәоит арратә ҳақьымцәа рыла еиҿкаау абригадақәа; амуниципалтә транспорт аусура аҧкра иадҳәаланы, аҳәынҭқарра, алаҵақәа ахьыҟарҵо ахадаратә усбарҭақәа рахь  еиҧҟьарада ауааҧсыра рымҩангара еиқәнаршәоит; авакцинациа апроцесс излауа ала арҭбаареи аманшәалара аизырҳареи амзызла, алаҵақәа рыҟаҵара апроцесс рхы аладырхәоит арратә ҳақьымцәа рыла еиҿкаау абригадақәа; амуниципалтә транспорт аусура аҧкра иадҳәаланы, аҳәынҭқарра, алаҵақәа ахьыҟарҵо ахадаратә усбарҭақәа рахь  еиҧҟьарада ауааҧсыра рымҩангара еиқәнаршәоит;

Амч змоу арегулиациақәа рықәныҟәара апроцесс излауа ала идырџьбароит, урҭ рыбжьара, ачарақәеи аҧсхәарақәеи уҳәа, асоциалтә уснагӡатәқәа зегьы рымҩаҧгаразы ишьақәыргылоу аҧкрагьы уахь иналаҵаны. Зыӡбахәы ҳәоу асоциалтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы, аобиектқәа  10 нызқь лари ахараҧса рықәырҵоит, аҩынтәраан апҟара аилагаразы  – аобиект адыркуеит;