Қырҭтәыла Актәи аканал арадио адунеизегьтәи амш азгәанаҭоит
Қырҭтәыла Актәи аканал арадио адунеизегьтәи амш азгәанаҭоит

Қырҭтәыла Актәи аканал арадио адунеизегьтәи амш азгәанаҭоит. 2011 шықәсазы Иунеско аӡбарала жәабран 13 арадио мшны рыларҳәеит. 1946 шықәсазы ЕАР арадио иаԥҵан.

Арадио адунеизегьтәи амш сынтәа аслоганс амоуп – Адунеи ҿыц, арадио ҿыц, аҿиара, аинновациа, аимадара.

Қырҭтәыла арадиодырраҭара шьаҭаркын 1025 шықәсазы, 96 шықәса ирылагӡаны уи азыӡырҩцәа рымаҵ ауеит. Ари амш инамаданы Қырҭтәыла арадио аефир аҿы азыӡырҩцәа еиуеиԥшым адырраҭарақәа рыданаалеит.

Адунеи аҿы раԥхьаӡатәи арадио аусура алагеит ЕАШ, Питсбург 1921 шықәса абҵаразы, Қырҭтәыла аимадара ахыбра аҟынтә актәи адырраҭара аефир ахь иҭыҵит 1925 шықәса лаҵара 23 рзы.