Қырҭтәыла иацҵаны 150 000 доза «Астразенека» алаҵа аиуоит, – илҳәеит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикарӡе. Аминистр лажәақәа рыла, ари ажәабжь иахьа роуит.
Ковидплатформа ала иазыԥхьагәаҭан 300 000 доза «Астразенека» алаҵа аиура, аха ҳара алаҵа ааглыхцәа рҟны еилацәажәарақәа мҩаԥаагоит. Иахьа иҳауз адырра инақәыршәаны, иацҵаны 150 000 доза алаҵа аиура ҳалшоит хәажәкыра актәи абжазы, – илҳәеит аминистр.
Тикараӡе лажәақәа рыла, жәабран анҵәамҭазы Қырҭтәыла алаҵа актәи дозақәа аиуоит, аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьеит.