Европарламент арезолиуциа ҿыцқәа рҿы Қырҭтәыла аганахьала иузмырҵысуа адгылара аарԥшуп
Ажьырныҳәа 20 рзы Европарламент адәныҟатәии ашәарҭадаратәи политиеи ашәарҭадареи атәылахьчареи рполитикеи ирызку арезолиуциақәа аднакылеит.
Қырҭтәыла апарламент аланарҵәаз адырра инақәыршәаны, арезолиуциақәа рҿы Қырҭтәыла асуверенитети атериториатә акзаареи иузмырҵысуа адгылара аарԥшуп. Европарламент агәынамӡара аанарԥшуеит Уыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла атерриориақәа рымпыҵахалара шыгаганӡо, уи ала жәларбжьаратәи зин анормақәа шеиланаго.
Европарламент Урыстәылатәи афедерациа аҿаԥхьа аҳәара иқәнаргылоит Қырҭтәыла арегионқәа – Аԥсни Цзинвали/Аахыҵ Уаԥстәылеи рымпыҵахалареи арҭ арегионқәа Урыстәыла анапхгараҭара аҵаҟа ринтеграциеи аҟәыҵырц.
Европарламент Урыстәыла агрессиатә хымҩаԥгашьеи Қырҭтәыла атерриториатә акзаара еилагареи ирҿагылоит.
Иаҵшьны азгәанаҭоит Евроеидгыла Мрагыларатә партниора иаҵанакуа атәылақәа рхыԥшымреи, рсуверенитети, ртерриториатә акзаареи рыдгылара ишуалу.