12 аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәа адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитетқәа рхантәаҩцәа аартызаара иазку азакәанпроект иадҳәаланы аҳәамҭа еицыҟарҵеит
12 европатәи аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәа адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитетқәа рхантәаҩцәа аартызаара иазку азакәанпроект иадҳәаланы иҟарҵаз аҳәамҭаҿы Қырҭтәыла анапхгаратә партиашҟа ааҧхьара ҟарҵеит ари азакәан дырхынҳәырц.
Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит Британиа Дуи, Германтәылеи, Италиеи, Франциеи, Ирландиеи, Даниеи, Норвегиеи, Чехиеи, Эстониеи, Латвиеи, Литвеи, Польшеи рпарламентқәа рхаҭарнакцәа.
Аҳәамҭа ишану ала, анапхгаратә партиа ицәырнагаз азакәанпроект атәым агентцәа ирызку ҵыҧхтәи азакәанпроект еиҧшуп. Иара убас, аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп 2023 шықәсазы ақырҭуа жәлар рмобилизациа абзоурала, Қырҭтәыла анапхагаратә партиа ахаҭарнакцәа ари азакәан шдырхынҳәыз.
Аҳәамҭа авторцәа «путинтәи азакәан» аҵакы иаргәамҵуеит. Дара ишырҳәо ала, ари азакәан Европа иадгыло активтә атәылауаҩратә уаажәларреи Қырҭтәыла иҳәынҭқарратәым асектори рырҧсыҽра иазкуп.
Европатәи апарламентарцәа ргәаанагарала, зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект аханатә ацәыргара Қырҭтәыла европатәи аперспективеи акандидат астатуси даараӡа иаҧырхагоуп, избанзар, атәылауаҩратә уаажәларреи АИХқәа рхақәиҭреи азы иманшәалоу алагылазаара аиқәыршәара – Қырҭтәыла европатәи аинтеграциазы ахадаратә ҵакы змоу зҵаароуп.
Ҳара анапхгаратә партиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит зыӡбахәы ҳәоу азакәанпроект дырхынҳәырц, избанзар, ҳара, ҧасеиҧш, ақырҭуа жәлар европатәи рҽазышәарақәа ҳрыдгылоит, Қырҭтәыла адемократиеи азакәан аиҳаӡареи ауаҩытәыҩса изинқәеи рырҕәҕәаразы ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡап ҳәа ҳгәыҕуеит. Гәыкала агәра ҳгоит Қырҭтәыла аиҳабыра, даҽазнык ишаадырҧшуа европатәи евроатлантикатәи страуктурақәа рахь аинтеграциа ишазыхиоу. Уажәы ақырҭуа жәлар рҧеиҧш ауп ҳазлацәажәо», — иануп аҳәамҭаҿы.