11-тәи ааԥхьара апарламент актәи аилатәара иахьа мҩаԥысуеит
11-тәи ааԥхьара апарламент актәи аилатәара иахьа мҩаԥысуеит

11-тәи ааԥхьара апарламент актәи аилатәара иахьа мҩаԥысуеит.
Аилатәара асааҭ 12:00 рзы иалагоит, уи апарламент ааиртуеит кәрала еиҳабу адепутат Ладо Кахаӡе.

Уаанӡа адепутатцәа Ацентртә алхратә комиисиаҟынтә ироуз аамҭалатәи амандатқәа рыла арегистрациа рзымҩаԥыргоит.

Апарламент актәи аилатәара амш аусхәаԥштә иалоул апарламент 150-ҩык алахәылацәа рзинмчы азхаҵара. Апарламент иахьатәи аилатәараҿ далырхуеит апарламент ахантәаҩы, авице-спикерцәа, акомитетқәа рхантәаҩцәа.

Ацентртә алхратә комиссиа аофициалтә лҵшәақәа рыла, 2024 шықәса жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа рҿы иалхыз жәеизатәи ааԥхьара апарламент аҿы „Ақырҭуа гәахәтәы“ амандатқәа 89 аиуит, „Аиҭакразы акаолициа Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа“-19;  „Акзаара – Амилаҭтә ҵысра“ – 16;  „Қырҭтәыла ҕәҕәа – Лело“  – 14; „Гахариа Қырҭтәылазы“  – 12.

Аоппозициаа апарламент алалара ргәы иҭам.