Қырҭтәыла аҧыза-министр Шәамахьтәылатәи ареспублика аџьауси асоциалтә ахьчареи рзы аминистр диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика аџьауси асоциалтә ахьчареи рзы аминистр Арсен Торосиан диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Шәамахьтәлеи рстратегиатә партниорреи, аџьауси асоциалтә зҵаарақәеи аусхкы аҿы аусеицуреи, наҟ-наҟ апартниорра арҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-тәылак русбарҭақәа қәҿиарала аус шеицыруа.
Аиҳабыра радминистарциаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә ахьчареи рзы аминистр Михаил Сарџьвелаӡеи аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.