Аиҳабыра рыӡбарала, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы ауалафахәу зауа аҧышәарахысразы аконкурс рылаҳәоуп
Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, 2025 шықәса цәыббра 1 инаркны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы, иара убас, аҳәынҭқарртә усбарҭақәа рсистема иаҵанакуа аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи аиуристтә хаҿқәеи рҿы зыхә ршәо хымзтәи аҧышәарахысразы аконкурс рылаҳәоуп.
Аҧышәарахысра зҭаху ауааҧсыра, еиуеиҧшым аусбарҭақәа ирыларҳәаз 3 000 раҟара аконкурсқәа рҽалархәразы арзаҳал аларҵар рылшоит 2025 шықәса цәыббра 1 инаркны цәыббра 10 иналаҧхьаӡаны, аиҳабыра радминистрациа авебдаҟьа – www.hr.gov.ge ала.
Аҧышәарахысразы ирыдыркылар ҟалоит аусура зылшо, аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа, иреиҳаӡоу аҵара актәи аҩаӡара иахысыз (аҵыхәтәантәи аҵаратә ашықәс дҭагылазаргьы), ма аҩбатәи аҩаӡараҿы, мамзаргьы 2024-2025 аҵаратә ашықәс ааҧынратә семестр азы иреиҳаӡоу аҵара актәии аҩбатәии аҩаӡарақәа ирылгахьоу Қырҭтәыла атәылауаҩ.
Алхратә критерис иҳәаақәҵоуп аҧышәарахысра зҭаху ауаҩы иакадемиатә аҭаара (абаллтә система – 71-100 абаллтә арбага, ма/иара убас GPA – 2.7-4.0). Иара убас, аусбарҭақәа, рструктуратә акқәа ирышьашәаланы, рҷыдара иазҧхьагәаҭаны, аҧышәарахысразы иацҵаны аквалификациатә аҳәарақәа ҳәаақәырҵоит.
Аконкурс мҩаҧгахоит 2 етапк рыла – арзаҳалқәа рыхәаҧшреи аиҿцәажәареи. Аҧышәара ахысра зҭаху ауаа ахәшьара рырҭоит иашьашәалоу аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩы еиҿикаауа акомиссиа алахәылацәа. Акандидатцәа рылҵшәақәа еиҟарахар, аҧыжәара имазаауеит иаҳа еиҕьу академиатә аҭаара арбага змоу акандидат.
Иалырхуа акандидат аҧышәара дахысуеит 2025 шықәса жьҭаара 1 инаркны ҧхынҷкәын 31-нӡа.
Аусура аҳәынҭқарратә маҵзураны иахьыҧхьаӡоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аҧышәарахысра аҳәынҭқарратә маҵзура астаж аҳасабала иҧхьаӡахоит, аҳәынҭқарратә усбарҭа иаҵанакуа аҳәынҭқарратә ма хазхаҭалатәи аиуристтә хаҿы аҿы аҧышәарахысра – азеиҧш стаж/аусуратә ҧышәас иҧхьаӡахоит.
Аҧышәарахысра зҭаху ауааҧсыра инарҭбаау аинформациа роур рылшоит аелектронтә ҧошьҭала – [email protected].