Ԥхынҷкәын 1-нӡа ҳтәылаҿы агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа атәылауаа зегьы хәыԥсада ирзыҟарҵоит
Ԥхынҷкәын 1-нӡа ҳтәылаҿы агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа атәылауаа зегьы хәыԥсада ирзыҟарҵоит

Фышықәса иреиҳаны зхыҵуа Қырҭтәыла атәылауаа зегьы ԥхынҷкәын 1-нӡа агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа хәыԥсада рзыҟарҵоит. Ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.

Ацентр аинформациа ала, ԥҽькомпонентк рыла ишьақәгылоу SANOFI PASTEUR агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа аполиклиникақәа рҿы рзыҟарҵоит.

Қырҭтәыла Актәи аканал ахь Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр ахаҭарнак Хаҭуна Зазашвили ишаалыцҳаз ала, ԥхынҷкәын 1-нӡа агрипп чымазара аҽацәыхьчаразы алаҵа хәыԥсада ариск гәыԥқәа ирыҵанакуа атәылауаа мацара рзыҟарҵоит.