Ԥхынҷкәын 1 инаркны аресторанқәа ирзышьақәгылоу ԥкрақәак аԥыххоит
Ԥхынҷкәын 1 инаркны аресторанқәа ирзышьақәгылоу ԥкрақәак аԥыххоит

Ԥхынҷкәын 1 инаркны аресторанқәа ирзышьақәгылоу ԥкрақәак аԥыххоит.

Ари атәы Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак еилатәара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы ааицҳаит аоперативтә штаб аиҳабы Гьаргь Ӷибраӡе

“Ԥхынҷкәын 1 инаркны аресторанқәа апаспорт иаҵәақәа змоу асасцәа мацара рыжкылара рылшахоит. Ари иахҟьаны урҭ ирзышьақәгылоу асааҭтә аԥкрақәа  аԥыххоит. Аресторанқәа иахьынӡарҭаху аусура анагӡара рылшоит,” – иҳәеит Ӷибраӡе.

Уажәы аресторанқәа аусура рылшоит асааҭ 23:00-нӡа.