Ҭорнике Рижваӡе Актәи ауниверситеттә клиникахь диагоуп
Ҭорнике Рижваӡе Актәи ауниверситеттә клиникахь диагоуп

Аҷара аҳабыра ԥасатәи ахантәаҩы Ҭорнике Рижваӡе Қарҭ, Актәи ауниверситеттә клиникахь диагоуп.

Рижваӡе игәабзиара иазкны аҳәамҭақәа макьана ҟарымҵаӡацт.

АҩАр аланарҵәаз аинформациа ала, Ҭорнике Рижваӡе Сагареџьотәи “Џьеогоспиталь” ашҟа днаган, уи бџьармцалатәи ахәра иоуит, иҭагылазаашьа цәгьоуп. Аусҳәарҭа аинформациа ала, аусԥшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 115-тәи ахәҭаҷ ала –  аҽшьраҟынӡа анагара азы.

Ҭорнике Рижваӡе иус азы абџьар аҭакԥхықәрадара аҵәахразы даанкылоуп  Амшынтә транспорт азы агентра аиҳабы Алекси Ахвледиани. Ахвледиани Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 238-тәи ахәҭаҷ  – абџьар аҭакԥхықәрадара аҵәахраз – инақәыршәаны даанкылоуп. Ахысраан Ҭорнике Рижваӡе Алекси Ахвледиани иҩны дыҟан.