Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла 3+3 аформат аҿы Ҭырқәтәыла имҩаҧысраны иҟоу аиҧылара иалахәом
Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Џьанџьҕава ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла 3+3 аформат аҿы Ҭырқәтәыла имҩаҧысраны иҟоу аиҧылара иалахәом. Адипломат ари атәы ааицҳаит аҭырқәа газеҭ Daily Sabah аинтервиу анеиҭоз.
Аҭыжьымҭа ишану ала, «Анкара изныкымкәа ааҧхьара ҟарҵахьеит аусеицуразы аплатформа ҿыц аҧҵара иадҳәаланы. 3+3 аформат ала иазҧхьагәаҭоуп Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Ирани, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи рделегациақәа реиҧыларақәа. Зыӡбахәы ҳәоу аформат аҿы раҧхьатәи аиҧылара ҵыҧх Москва имҩаҧысит, Қырҭтәыла уи иалахәымызт.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлуд Чавушоҕлу иаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла имҩаҧысраны иҟоу аҩбатәи аилатәараҿы Қырҭҭтәыла алахәызаара дшақәгәыҕуа.
Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани астратегиатә партниорцәоуп, Шәамахьтәылеи Қырҭтәылеи ҭоурыхла аигәылара рыбжьоуп.
«Аха, Урыстәыла — Қырҭтәыла аҵакырадгьыл 20 наӡына имҧыҵахаланы измоу тәылоуп», — иҳәеит Џьанџьҕава.
3+3 аформат аҿы раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧган ҵыҧх, ҧхынҷкәын 10 рзы, Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы. Аиҧылара рхы аладырхәит Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Ирани, Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи рделегациақәа. Аиҧылара мышкы шагыз, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалла аанацҳаит Қырҭтәыла зыӡбахәы ҳәоу аформат аҿы имҩаҧысуа аиҧыларақәа рылахәызаара азҵаара ишамыхәаҧшуа.