Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ала,  уаҵәы аформат  3+3 аҿы раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧысраны иҟоуп, Қырҭтәыла уи иалахәхәом
Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ала,  уаҵәы аформат  3+3 аҿы раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧысраны иҟоуп, Қырҭтәыла уи иалахәхәом

Уаҵәы аформат  3+3 аҿы раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧысраны иҟоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

«Аахыҵ Кавказ аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара амзызла Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан иҧшьгарала иаҧҵаз аусеицура арегионалтә платформа иаҵанакәа аформат «3+3» раҧхьатәи аиҧылара 2021 шықәса ҧхынҷкәын 10 рзы Москва имҩаҧысуеит. Ҳтәыла аделегациа анапхгара азиуеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Седат Онал. Иара убас,  аиҧылара рхы аладырхәоит  Урыстәылеи, Ирани, Азербаиџьани,  Шәамахьтәылеи рделегациақәа», — иануп Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аформат «3+3» аҧҵара аҧшьигеит Ҭырқәтәыла ахада реџьеп таип Ердоҕан.

Қырҭтәыла аофициалтә хаҿқәа рҳәамҭала2021 урыстәылатәи афакто амшала2021 қырҭтәыла абри аформат иалахәхәом.