Ҭина Бокучава лхаҭыҧуаас иҟалеит Заза Гогавеи Игор Нарманиеи
Ҭина Бокучава лхаҭыҧуаас иҟалеит Заза Гогавеи Игор Нарманиеи

«Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ҭина Бокучава  лхаҭыҧуаа раҳасабала ажәлар ирыдалгалеит  Заза Гогавеи  Игор  Нарманиеи.

Бокучава лҳәамҭала, абри аинституциатә аӡбарала апартиахь аҿар рыдаҧхьалара рҭахуп.

Заза Гогава   «Амилаҭтә ҵысра» қарҭтәи аиҿкаара дахантәаҩын,  Игор  Нарманиа – апартиа аҿартә аиҿкаара напхгаҩыс дыҟан.