Ҭина Бокучава  - Биӡина Иванишвили имшала Даниа ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьозар, уи рыцҳароуп, уи атәыла европатәи аҧеиҧш иақәнамго аолигархиатә напхгара апрактика цәгьа ауп
Ҭина Бокучава  - Биӡина Иванишвили имшала Даниа ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьозар, уи рыцҳароуп, уи атәыла европатәи аҧеиҧш иақәнамго аолигархиатә напхгара апрактика цәгьа ауп

Биӡина Иванишвили имшала Даниа ацҳаражәҳәаҩ Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьозар, уи рыцҳароуп, – илҳәеит  „Амилаҭтә ҵысра“ алахәыла Ҭина Бокучава.

„Ҧаса сара Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ аус зуан, ақырҭуа дипломат лаҳасабала ҳтәыла аинтересқәа анысыхьчоз сгәы дуун.   Рацҳарас иҟоу, уажәы аҳәынҭқарратә институтқәа зегьы Биӡина Иванишвили инапаҿы иҟоуп. Абри ауп аолигархиатә напхагара апрактика цәгьа иаанаго, уи ҳтәыла европатәи аҧеиҧш иақәнагам. Анапхгара аҧсахра ашьҭахь, акаолициатә аиҳабыра анеиҿкаахо, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Биӡина Иванишвили иинтересқәа ракәымкәа, атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара еиҭалагар  алшоит“, – илҳәеит Бокучава.