Ҭина Бокучава – Атәыла ахада илаҳҳәеит наҟ-наҟ акаолициаҿы ҳпартниорцәас иҟало аполитикатә партиақәа ҳарҧылар шаҳҭаху
Акаолициатә еиҳабыра иаамҭаны еиҿкаатәуп, атәыла ахада араагьы ароль ду налыгӡоит ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аполитикатә партиақәа ари ахырхарҭала аусура ҳалагарц азыҳәан заанаҵы иахәҭоу ашьаҿақәак ҟалҵеит. Жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа аҭоурыхтә алхрақәа рҿы аиааира ҳгароуп, уажәазы уи ауп ихадоу, – илҳәеит „Иаку амилаҭтә ҵысра“ ахантәаҩы Ҭина Бокучава Саломе Зурабишвили данылҧыла ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.
Ҭина Бокучава лҳәамҭала, алхрақәа рышьҭахь, зыҧшра ҟамҵакәа акаолициатә аиҳабыра еиҿкаатәуп.
„Раҧхьа иргыланы, иазгәаҭатәуп ахада Зурабишвили, ҳара ҳаиҧшҵәҟьа, агәра ганы дшыҟоу жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа аҭоурыхтә алхрақәа рҿы атәыла европатәи аҧеиҧш аиааира ишаго, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Абри ауп ихадоу, арҭ алхрақәа раан ақырҭуа жәлар Европа иалырхроуп. Акаолициатә аиҳабыра ҳалацәажәозар, уигьы аҵакы ду амоуп, избанзар, абарҭ аҭоурыхтә алхрақәа рышьҭахь аиҿцәажәарақәа кыраамҭа инагӡахар ҟалом, алхрақәа рнеҩсҵәҟаьа, зыҧшра ҟамҵакәа акаолициатә еиҳабыра еиҿкаатәуп“, – илҳәеит Бокучава.