Ҭина Бокучава - Атәыла анапхгара еилыркаароуп алхрақәа аханатә имҩаҧырымгар, Қырҭтәыла апартниорцәа иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵара шрықәшәо
Апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» алидер Ҭина Бокучава ишылҳәаз ала, Қырҭтәыла анапхгара еилыркаароуп: алхрақәа рылҵшәақәа иаҧыхны аханатә алхрақәа мҩаҧырымгар, Қырҭтәыла апартниорцәа иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵара рықәшәоит, ҳәарада, арҭ ашьаҿақәа иреиуп Биӡина Иванишвили хаҭалатәи асанкциа изышьақәыргылареи авизадатә режим аанкылареи.
«Европатәи алидерцәа авизадатә режим аанкылара иалацәажәоижьҭеи акрыҵуеит. Дара ари азҵаара зхы иақәиҭу, ииашоу адемократиатә алхрақәа рымҩаҧгара иадырҳәалон. Уажәы ацивилизациатә дунеи зегьы иазханаҵеит жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәа раан арҭ апринципқәа шеилагаз.
Убри аҟынтә, Қырҭтәыла анапхгара еилыркаароуп: алхрақәа рылҵшәақәа иаҧыхны аханатә алхрақәа мҩаҧырымгар, Қырҭтәыла апартниорцәа иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵара рықәшәоит, ҳәарада, арҭ ашьаҿақәа иреиуп Биӡина Иванишвили хаҭалатәи асанкциа изышьақәыргылареи авизадатә режим аанкылареи. Уи даараӡа исериозу шәарҭароуп, Иванишвили уи еиликаауеит ҳәа сгәыҕуеит», – илҳәеит Ҭина Бокучава.