Ҭина Бокучава -  Анапхгара анаҳгалак акаолициатә партниорцәа аус рыцаауеит атәанчаратә ҧсахтәқәа раҧыхреи, ашколқәа рҿы ахәыҷқәа хәыда-ҧсада акрырҿаҵареи, Михаил Саакашвили ихьӡала миллиардктәи афонд аҧаҳҵоит
Ҭина Бокучава -  Анапхгара анаҳгалак акаолициатә партниорцәа аус рыцаауеит атәанчаратә ҧсахтәқәа раҧыхреи, ашколқәа рҿы ахәыҷқәа хәыда-ҧсада акрырҿаҵареи, Михаил Саакашвили ихьӡала миллиардктәи афонд аҧаҳҵоит

Анапхгара анаҳгалакҵәҟьа акаолициатә  партниорцәа аус рыцаауеит атәанчаратә ҧсахтәқәа раҧыхреи, ашколқәа рҿы ахәыҷқәа хәыда-ҧсада акрырҿаҵареи, анацәеи андуцәеи атәылашҟа рырхынҳәразы Михаил Саакашвили ихьӡала миллиардктәи афонд аҧҵареи азыҳәан – илҳәеит „Иаку амилаҭтә ҵысра“ ахантәаҩы Ҭина Бокучава.

„Алхра аҟаҵара мариоуп – Европаҿ мышхәыбзазара, мамзаргьы аизолиациаҿы аҕарра. Европатәи атәанчахәи, егьи аганахьала,  знаӡынатә хәҭа ҧшьынтә иаҳа идуу атәанчаратә ҧсахтәи рыбжьара алхра ҟаҵатәуп. Ааи,  абанкқәа зегьы реиҳа ацхыраара зҭаху ҳуааҧсыра  егьырҭ атәылауаа раасҭа ҧшьынтә еиҳаны ирықәыҕәҕәоит.  Ҳара абри ихьанҭаӡоу аҭагылазаашьа ҳаҧсахроуп. Анапхгара анаҳгалакҵәҟьа акаолициатә партниорцәа аус рыцаауеит атәанчаратә ҧсахтәқәа раҧыхреи, ашколқәа рҿы ахәыҷқәа хәыда-ҧсада акрырҿаҵареи, Михаил Саакашвили ихьӡала миллиардктәи афонд аҧҵареи азыҳәан  Атәылаҿ атәанчахә  1000 лари еиҵамзароуп.  Европаҿ мышхәыбзазара, мамзаргьы аизолиациаҿы аҕарра. Европатәи аулафахәи америкатә инвестициақәеи,  егьи аганахьала миллионбжаҩык атәылауаа русурҭадареи рыбжьара алхра ҟаҳҵароуп. Қырҭтәыла атәылауаа реиҳара аус руам, избанзар, ауаҩы  300 лари аулафахәы имазар, аус иуеит ҳәа иҧхьаӡатәым.

Атәыла анапхгара аҧсахра анеҩсҵәҟьа, Евроеидгыла алалара амзызла, ҳтәыла излауа ала ирласны Евроеидгыла алахәылас иҟаларцаз, аиҿцәажәарақәа раартразы акаолициатә партниорцәа аус рыцура ҳалагоит.  Агәра ганы сыҟоуп жьҭаара 26 рзы  Қырҭтәыла атәылауаа европатәи мышхәыбзазара шалырхуа,- илҳәеит  Ҭина Бокучава.