“Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ҭина Бокучава лажәақәа рыла, иахьа имҩаԥысуа “Амилаҭтә ҵысра” аизара ду аҿы апартиа амилаҭтә комитет хантәаҩыс Коба Наҟоԥиа далырхуеит. Бокучава лажәақәа рыла иахьа аплатформа “Акзаара” иалалоит “Европатәи Қрҭтәыла”.
“Ҳара ҳзы акзаара алхраԥхьатәи лозунгӡам, ари аидеиоуп, уи агәра ҳгоит. Ҳаидгыланы алхрақәа рҿы аиааира агара шҳалшо агәра ҳгоит. Аплатформа “Акзаара – Амилаҭтә ҵысра” шызҳауа, ахьыҭбаахо сеигәырӷьоит, ҳтәыла европатәи аперспектива шазыхынҳәуа агәра згоит. Ахада Саакашвили “Амилаҭтә ҵысра” ашьаҭаркҩы иоуп, уи ихадоу алхратә ҳамч иоуп”, – илҳәеит Бокучава.