Ҭина Бокучава - Алхратә бариер иахыԥаз егьырҭ аоппозициатә партиақәеи ҳареи акоалициатә аиҳабыра ашьаҭаркра аус адулара ҳалагоит
Абиуллетенқәа рԥхасҭатәреи амчылареи ирыхәамԥшыкәа, иахьа Европа аиааира агеит. Иахьа апартиақәа ракәым, атәыла европатәи аԥеиԥш ауп аиааира згаз, аоппозициа аиааира агеит, “Ақырҭуа гәахәтәы” аҵахеит, – илҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ҭина Бокучава.
Бокучава лажәақәа рыоа, “Ақырҭуа гәахәтәы” иаҵахеит, ари аекзитполқәа рыла иубарҭоуп.
“Иванишвили иаамҭа ихыркәшоуп, ари аекзитполқәа рыла иубарҭоуп. Ақырҭуа жәлар акоалициатә аиҳабыра иадгылеит. Ажәлар иахзаадырԥшыз агәрагара аҭа́кԥхықәра ду ала ҳазныҟәоит. Алхратә бариер иахыԥаз егьырҭ аоппозициатә партиақәеи ҳареи акоалициатә аиҳабыра ашьаҭаркра аус адулара ҳалагоит”, – илҳәеит Бокучава.
Ателеканал «Имеди» имҩаԥнагаз аекзитпол «Gorbi» адыррақәа рыла, асааҭ 18:00 рзы иҟаз аҭагылазаашьа ала, апарламенттә алхрақәа рҿы абжьқәа абас ишоуп: «Ақырҭуа гәахәтәы – адемокртаитә Қырҭтәыла» — 56,1%. «Акзаара – Амилаҭтә ҵысра» – 11,6% «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело» – 7,0% «Аԥсахрақәа рзы акоалициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа» – 12,6%, «Гахариа Қырҭтәылазы» — 4,8%.
Ателеканал «Мҭавари» имҩаԥнагаз аекзитпол , «Ақырҭуа гәахәтәы » — 42%; «Аԥсахрақәа рзы акоалициа – Гварамиа, Мелиа, Гирчи, Дроа» — 18%; «Акзаара – Амилаҭтә ҵысра» – 13%; «Иӷәӷәоу Қырҭтәыла – Лело» – 9%; «Гахариа Қырҭтәылазы» — 8%.