Ҭина Бокучава – Алхрақәа зхы иақәиҭу ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аадырҧшыроуп, ҳара атәылауаҩ цыҧхьаӡа иҟаиҵо алхра ахьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит
«Алхрақәа зхы иақәиҭу ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аадырҧшыроуп, ҳара атәылауаҩ цыҧхьаӡа иҟаиҵо алхра ахьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит», — илҳәеит «Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ҭина Бокучава.
Лара лажәақәа рыла, атәыла евроатлантикатә аҧеиҧш аиқәырхаразы уаҳа хархәагак иҟам.
«Жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа зхы иақәиҭу ақырҭуа жәлар ргәазыҳәара аадырҧшыроуп, уи аҵакы ду амоуп. Атәыла евроатлантикатә аҧеиҧш аиқәырхаразы уаҳа хархәагак иҟам, убри аҟынтә, ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит атәылауаҩ цыҧхьаӡа иҟаиҵо алхра ахьчаразы. Уи азыҳәан амеханизмқәа зегьы ҳхы иаҳархәоит», — илҳәеит Ҭина Бокучава.