Апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» аинформациала, апартиа ахантәаҩы Ҭина Бокучава аконгрессмен Џьо Уилсон диҧылеит.
Иара убас, Бокучава Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Евопатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиаҿ Европа жәлартә партиа алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит.
«Ааигәа Қырҭтәыла иреиҳау аоппозициатә партиа Иаку амилаҭтә ҵысра ахантәаҩыс аусура салагеит. Иазгәаҭатәуп, уаанӡатәи ахантәаҩы аиҳабыра еиҿыркааз ажәылараан иоуз ааха бааԥсқәа ирыхҟьаны иусура шаанижьыз. Ас еиԥш иҟоу ажәылара лассы-лассы имҩаԥысуеит, уи ҟазҵогьы шьауӷа рымамкәа иаанхоит.
Иаҵшны иазгәаҭатәу Урыстәыла анырра цәгьа Қырҭтәыла акыр ирласны аҽшарҭбаауа. Рыцҳарас иҟалаз, адестабилизациа ахыҵхырҭа атәыла анҭыҵ мацара акәым, атәыла аҩнуҵҟагьы иҟоуп, урҭ роуп Урыстәылеи егьырҭ авторитартә режимқәеи рҟны, иаҳҳәап, Китаи аҟны аимадара ҕәҕәа змоу атәыла анапхгара.
Ақырҭуа ҳәынҭқарра атәыла аевроатлантикатә адәныҟатәи аполитика аԥсахра ишаҿу аазырԥшуа аҿырԥштәқәа иреиуоуп Анаклиа амшынҵаулатәи абаӷәаза Китаи азыҭира. Абри аҩыза аҧсахрақәа лабҿаба иубарҭоуп аурыс закәан адкылара алагьы.
Убри аҟнытә, ОБСЕ Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла аҭагылазаашьа аицәахара иадҳәаланы агәҭынчымра аанарҧшыроуп ҳәа сгәы иаанагоит. Жьҭааразы Қырҭтәыла акыр зҵазкуа алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп, шәызынтәгьы ҳшәыҳәоит анаҧшратә миссиа шәхы алашәырхәырц. Ақырҭуа жәлар ирдыруазароуп ацивилизациатә дунеи дара ишрывагылоу! ” – илҳәеит Ҭина Бокучава.