Ҭеона Ақубардиа – Ишдыру еиҧш, Пицунда аннексиа апроцесс ахыркәшара ргәы иҭоуп, абри азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә ҳәамҭакгьы ҳмаҳаит
Ишдыру еиҧш, аҧсуа жәлар уи ишаҿагылоугьы, Урыстәыла аҟынтә ақәыҕәҕәареи ашантажи ала, ҧхынҷкәын 28 рзы Пицунда аннексиа апроцесс ахыркәшара ргәы иҭоуп, абри азҵаара иадҳәаланы Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтә ҳәамҭакгьы ҳмаҳаит, – илҳәеит аоппозициатә депутат Ҭеона Ақубардиа.
Лара лажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра ари азҵаара ақәҿыҭра арымҭар еиҕьаршьоит.
„2022 шықәсазы, Пицунда азҵаара иазкны аиқәшаҳаҭра шрыдыркылаз анеилаҳкааз, Қырҭтәыла ахада заҵәы лоуп ари афакт Пуцунда аннексиа аҳасабала иахцәажәаз. Қырҭтәыла аиҳабыра жәакгьы рымҳәеит. Ҳара ҳазынтәгьы, аҧсуа жәларгьы, Қырҭтәыла егьырҭ атәылауаагьы, мраҭашәаратә ҳпартниорцәагьы имыпҵахалоу Аҧсны аннексиатә процессқәа раанкылара ҳазҿлымҳауп, убри аамҭазы, сара зҵаарак сымоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра зҿырымҭуеи, „Ақырҭуа гәахәтәы“ адепутатцәа рҿырымҭуеи. Дара Урыстәылаҟны ишиашо аҧыррақәа анеиҭашьақәдыргылоз уи Қырҭтәыла атәылауаа ринтересқәа ирыҵанакуеит ҳәа рҳәеит. Уажәы сразҵаар сҭахуп, Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа абаҟоу, импыҵахалоу Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра ринтересқәа абаҟоу.
Қырҭтәыла аиҳабыра сразҵаар сҭахуп шықәсыкибжаки зҿырымҭуеи, ашықәсҿыцтәи аҧсшьарамшқәа иалагаанӡа жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа абри ацәгьауратә факт иазкны аинформациа зрырымҭеи, Урыстәыла ҳҵакырадгьылқәа хәҭа-хәҭала ргара ианаҿу Қырҭтәыла аиҳабыра иззыҧшуи, рпрогмативтә политика акгьы шахылымҵыз азхаҵара ргәы иҭоума, аннексиа апроцесс аанкыларазы иҟаҵатәу ашьаҿақәа изрыламцәажәои“, – илҳәеит Ақубардиа.