Ҭеона Ақубардиа – Аҩбатәи афронт иазку аҵакыдаратә аҳәамҭа Қырҭтәыла ашәарҭадареи европатәи аинтеграциеи иаҧырхагоуп
«Рыцҳарас иҟалаз, Иракли Кобахиӡе заҵә иакәӡам Қырҭтәылаҿ аурыс пропаганда мҩаҧызго. Аҩбатәи афронт иазку аҵакыдаратә аҳәамҭа Қырҭтәыла ашәарҭадареи европатәи аинтеграциеи иаҧырхагоуп», — илҳәеит аоппозициатә депутат Ҭеона Ақубардиа.
Ақубардиа Иракли Кобахиӡе иахьатәи иҳәамҭа дахцәажәеит.
«Мраҭашәара зегьы арратә агылара аҽазкра иахәаҧшуеит путинтәи арежим аҧсыҽра ҳасабала, уи Украина аиааира иацхраауеит ҳәа ргәы иаанагоит, убри аамҭазы «Ақырҭуа гәахәтәы» , атәыла аҩныҵҟатәи апропагандала, Урыстәыла амч иазку ахыҭҳәаа дырҕәҕәар рҭахуп, аха, аоппозициаа рхарџьла. Уи мцуп, «Ақырҭуа гәахәтәы» ҳуааҧсыра ржьар рҭахуп, аҭынчра иазку ахыҭҳәаа аладырҵәоит, атәыла аҩныҵҟа акзаара иҟамкәа Иракли Кобахиӡеи игәыҧи иззықәҧо аҭынчра зыҟалом. Ҳара ибзиаӡаны иаабоит «Ақырҭуа гәахәтәы» ҧырхага аазго аполитика шымҩаҧырго», — илҳәеит Ҭеона Ақубардиа.