Ҭенгиз Церцваӡе иҧсҭазаара далҵит
Ҭенгиз Церцваӡе иҧсҭазаара далҵит

Аиммунолог, апрофессор, амедицинатә ҵарадыррақәа рдоктор Ҭенгиз Церцваӡе  76 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит. Иуацәа ишырҳәаз ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы Ҭенгиз Церцваӡе игәы бзиамызт.

Церцваӡе Аинфекциатә паталогиа ацентр агенералтә директорс дыҟан, Ниу-Иорктәи аҵарадырраҭҵааратә академиеи  Аинфекционистцәа америкатә уаажәларреи далахәын, иакымкәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьан.