Ҭенгиз Церцваӡе – Индиатәи аштамм Қырҭтәыла макьана аларҵәара амам, аха, уигьы аларҵәара аиур ҟалап
Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭа адиректор Ҭенгиз Церцваӡе ишиҳәаз ала, индиатәи аштамм Қырҭтәыла макьана аларҵәара амам, аха, уигьы аларҵәара аиур ҟалап.
Иара иажәақәа рыла, индиатәи аштамм иазкны макьана аинформациа маҷуп.
«Заанаҵтәи адыррақәа рыла, индиатәи аштамм аҿы британиатәи аштамм аасҭа амутациақәа иаҳа ирацәоуп. Уажәазы иаадыруа абри ауп: уи иаҳа ирласны, иаҳа имарианы ииасуеит. Авакцина иадҳәаланы исҳәар сҭахуп, аофициалтә аҳәамҭа инақәыршәаны, Pfizer, Astrazeneca, иара убас, китаитәи авакцинақәа рыла индиатәи аштамм аҽацәыхьчара ҟалоит», — иҳәеит Ҭенги Церцваӡе.